Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Русҭави иҟалаз ауаҩшьра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Русҭави иҟалаз ауаҩшьра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Русҭави иҟалаз ауаҩшьра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Қвемо Қарҭли аполициатә департамент аусзуҩцәа,  аоперативтә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы,  аҭаацәара ҩыџьа алахәылацәа рышьразы ахара зду, 1997 шықәсазы ииз Г.Ф. дааныркылеит.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  16 инаркны  20 шықәсанӡа аҭакра,  ма аҧсранӡа аҭакра.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, ахара зду ауаҩҧсы,   Русҭави ақалақьаҿ,  ашәақьла иҧҳәыси ианхәеи иргәыдҵаны ишьит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.