Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа [афото]
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура имҩаҧнагоит еиуеиҧшым аҭагылазаашьа ҷыдақәа ирызку амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит апрограмма «Аҧсабаратә рыцҳарақәа раҧыхреи, урҭ рзы ахиазаара аиқәыршәареи, рықәҿыҭреи Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҿы – 3 афаза (PPRD East 3)».
Амилаҭрацәаратә азыыҟаҵарақәа рҳаақәа ирҭагӡаны, рашәара 15 рзы, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи рҟынтә абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи арбаратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит. Азыҟаҵарақәа рышҟа инеиуеит апрограмма PPRD East 3 аекспертцәеи, апартниор-тәылақәеи Евроеидгыла аделегациеи ахаҭарнакцәеи.
Азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи, Украинеи, Италиеи, Швециеи, иара убас, Евроеидгыла атәылауаҩратә шәарҭадара амеханизми рҟынтә ақәҿыҭра ҷыда иазку 400 иреиҳаны агәыҧқәа.














