Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциа амчыларатә ҟазшьа аиуит, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ирҿагылеит, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциа амчыларатә ҟазшьа аиуит, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ирҿагылеит, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциа амчыларатә ҟазшьа аиуит, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ирҿагылеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, акциа алахәылацәа апарламент аԥхьа игылоу асцена азааигәахареи аполициа акордон акылжәареи рҭахын.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит.

“Акциа алахәылацәеи аикааҩцәеи рахь даҽазнык ааԥхьара  ҟаҳҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц,”  — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.