Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧысуаз амитинг аан аполициа аусзуҩцәа  16ҩык ааныркылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧысуаз амитинг аан аполициа аусзуҩцәа  16ҩык ааныркылеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧысуаз амитинг аан аполициа  16ҩык ааныркылеит.

Аминистрра амитинг алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит абжьысырҭаҿ аизара иаҟәыҵны, азакәанла ишьақәыргылоу аҳәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апротест аадырҧшларц.

«Ауаажәларратә аиҿкаара ахьчара амзызла, Русҭавели имҩаду ашҟа инагоуп аполициатә хәҭақәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа изныкымкәа адемонстрантцәа ирыҳәеит амашьынақәа реиҭаҵра иаҧырхагамхарц, аха, акциа алахәылацәа азинхьчаҩцәа рҳәатәы харымҵеит. Убри аҟынтә, Административтә азинеилагарақәа рзакәанаеидкыла ашьаҭала,  16ҩык аанкылоуп.  Амитинг алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  абжьысырҭаҿ аизара иаҟәыҵны, азакәанла ишьақәыргылоу аҳәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны апротест аадырҧшларц», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.