Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Ника Гварамиа административтә ҵасла даанкылоуп
«Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алидерцәа иреиу Ника Гварамиа административтә ҵасла даанкылоуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
Иахьа азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа апартиа «Дроа» аофис еимырдон.
Аофис иаҧну аҵакырадгьылаҿ Ника Гварамиеи азинхьчаҩцәеи аимак рыбжьалан, азинхьчаҩцәа Гварамиа дааныркылеит.
Иахьа, сааҭқәак раҧхьа, аполициа еиуеиҧшым апартиақәеи аиҿкаарақәеи рофисқәа ирыҩналеит.