Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи Гәыриа арегионаҿ активла атәылауаа рыцхраара нарыгӡоит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура ахаҭарнакцәеи аполицаицәеи, Гәыриа арегионаҿ активла атәылауаа рыцхраара нарыгӡоит. Дара арегион еиуеиҧшым ақыҭақәа рахь инеины, асду амшала азарал зауз атәылауаа афатәи, зда ҧсыхәа иҟам атауарқәеи, ахәшәқәеи рызнаргоит.
Аиқәырхаратә усурақәа ирылахәы абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи, аполициатә мчқәа рыцырхрааны, ахәыҷқәеи зықәра дуу ауааҧсыреи ахьыҟоу аҭаацәарақәа ишәарҭам аҭыҧашҟа ииаргеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиҧшым ахәҭақәа, иашьашәалоу амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа рҟны еиқәшаҳаҭны, Мрагыларатә Қырҭтәыла асду иахылҵыз алҵәшақәа раҧыхразы, арежим ҷыдала аусура нарыгӡоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура.