Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Аҭырқәа арратә ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧаҿ иашьашәалоу аиқәырхаратәи аусеилыргаратәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит 
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Аҭырқәа арратә ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧаҿ иашьашәалоу аиқәырхаратәи аусеилыргаратәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит 

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Сиҕнаҟи амуниципалитетаҿ, аҭырқәа арратә ҳаирплан ахькаҳаз аҭыҧаҿ иашьашәалоу аиқәырхаратәи аусеилыргаратәи усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит.

Уааҵәҟьа дыҟоуп Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, Гека Гелаӡеи, актәи ихаҭыҧуаи, еиуеиҧшым аполициатә аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи авиакатастрофа ахьыҟалаз аҭыҧ гәарҭан, иашьашәалоу амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа рҟынтә инарҭбаау аинформациа роуит.