Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аполициа адепартамент анапхгара дырҧылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аполициа адепартамент анапхгара дырҧылеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи актәи ихаҭыҧуаҩ Роланд Месхии Қарҭтәи Аполициа адепартамент анапхгара ирҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла, Гека Гелаӡе Қарҭтәи Аполициа адепартамент еиуеиҧшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рҟынтә аинформациа наӡа иоуит аҳҭнықалақьаҿ ацәгьаура иаҿагыло ақәҧареи аполициатә превенциатә усмҩаҧгақәеи  ирызкны.

„Аиҧылараҿы аполициа аусура аиҕьтәра амзызла имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи уажәазы имҩаҧысуа ареформақәеи ирылацәажәеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Қарҭтәи Аполициа адепартамент аусзуҩцәа ауааҧсыра ршәарҭадареи азинеиҿкаареи рыхьчаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит“, –  иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.