Гека Гелаӡе Аҳәынҭқарратә департамент анаркотикқәа ирҿагыло азинтә аиҿкаараҟны аусеицура абиуро Европеи Азиеи рофис адиректор диҧылеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Аҳәынҭқарратә департамент анаркотикқәа ирҿагыло азинтә аиҿкаараҟны аусеицура абиуро Европеи Азиеи рофис адиректор Марк Терваковски диҧылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҧылараҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аминистрраҿы имҩаҧысуа ареформақәеи ацәгьаура иаҿагыло ақәҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа ауснагаӡатәқәеи дрылацәажәеит.
„Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи анаркотикқәа ирҿагыло азинтә органқәеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа апартниорреи аусеицура арҭбаара аплани иазааҭгылеит.
Аиҧылара мҩаҧган Узбекистан имҩаҧысуа жәларбжьаратәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.