Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҩныҵҟатәи аусқәа рминистрцәа аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҩныҵҟатәи аусқәа рминистрцәа аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҩныҵҟатәи аусқәа рминистрцәа аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокумент рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи Азербаиџьан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиаҭ Еивазови.

Адокументла иазҧхьагәаҭоу аусеицура иаҵанакуеит абарҭ аусхкқәа: анаркотикатә хархәагақәа закәандарала реикәшара, акиберацәгьаура, атрефикинг, азакәандаратә миграциа, амал иаҿагыло ацәгьаура. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа ирҭбаау аформатаҿгьы еиҧылеит. Ари аиҧылараҿы аусхкытә реформақәеи, уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи, аполициатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аинформациеи аҧышәеи аиҭныҧсахлара аҵаки иалацәажәеит.

Аминистрацәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит аусеицуреи аимадарақәеи рырҭбаара ишазыхиоу.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.