Гека Гелаӡе – Адокументқәа зегьы срыхәаҧшит, аахәарақәа зегьы гәасҭеит, аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны исҳәар сылшоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра   «камит» ҳәа изышьҭоу иқәиҭыму амаҭәашьар ахаангьы ишаанамхәац

«Ирҳәо зегьы мцуп  — Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адемонстрантцәа рганахьала иқәиҭыму амаҭәашьар «камит» ахы анархәазшәа ирҳәо зегьы мцуп», — иҳәеит Қырҭәтыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаангьы ари амаҭәашьар аанамәхацт.

«Адокументқәа зегьы срыхәаҧшит, аахәарақәа зегьы гәасҭеит, аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны исҳәар сылшоит Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрра   «камит» ҳәа изышьҭоу иқәиҭыму амаҭәашьар ахаангьы ишаанамхәац. Ишыжәдыруа еиҧш Аәҳынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусеилыргара иалагеит. Ҳәарада,  иашьашәалоу аекспертизақәа мҩаҧгахоит, азҵаарақәа зегьы аҭак раҳҭоит», — иҳәеит  Гека Гелаӡе.