Гека Гелаӡе  - Аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан 20ҩык, 18ҩык рыҧсабыҩқәа ҳбеит, егьырҭ ҩыџьа рыҧшаара ҳаҿуп
Гека Гелаӡе  - Аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан 20ҩык, 18ҩык рыҧсабыҩқәа ҳбеит, егьырҭ ҩыџьа рыҧшаара ҳаҿуп

 

«Аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан 20ҩык, 18ҩык рыҧсабыҩқәа ҳбеит, егьырҭ ҩыџьа рыҧшаара ҳаҿуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Гека Гелаӡе.

Гелаӡе иҳәамҭала, иара Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟны еиҧҟьарада аимадара имоуп.

«Раҧхьа иргыланы, иҭахаз ауаа руацәеи аҭырқәа жәлари срыдашшылар сҭахуп. Аҭырқәа ҳаирплан иақәтәан 20ҩык, 18ҩык рыҧсабыҩқәа ҳбеит, егьырҭ ҩыџьа рыҧшаара ҳаҿуп.  Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟны еиҧҟьарада аимадара сымоуп. Жәларбжьаратәи аусеилыргаратә штаб еиҿкаауп,  уи иалоуп аҭырқәа коллегацәагьы, дара иаха шаанӡа аҭыҧаҿ иҟан. Етапла аинформациа зегьы шәыдаагалоит», — иҳәеит  Гека Гелаӡе.