Гека Гелаӡе Узбекистан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аполициатә аҟәша даҭааит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Узбекистан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аполициатә аҟәша даҭааин, ари аҟәша аинфраструктуреи аусушьеи ибеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Узбекистан Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрра академиаҿы ақырҭуа делегациа алахәылацәа идикылеит академиа анапхгаҩы Рустам Хатамов. Иара асасцәа ирзеиҭеиҳәеит аполициатә аҵара аусхкы аҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны.
Гека Гелаӡе аполициатә аҵара аҵакы далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа аган ари ахырхарҭала аусеицура ишазыхиоу.