Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Амшынтә шәарҭадаразы аусбарҭабжьаратә хеилак аилатәара мҩаҧигеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе Амшынтә шәарҭадаразы аусбарҭабжьаратә хеилак аилатәара мҩаҧигеит.
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аилатәараҿы Амшынтә операциақәа анапхгара рыҭара азеиҧш центр аусура иазку аҳасабырбеи, Амшын еиқәа аҿы аҭагылазаашьеи, ашәарҭадара азҵаарақәеи ирыхәаҧшит.
«Ахеилак алахәылацәа адунеиаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа рфонаҿ Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу ашәарҭақәа ирыхәаҧшит. Иара убас , ахеилак аилатәара арегламенти аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу егьырҭ азҵаарақәеи шьақәдырҕәҕәеит.
Аилатәара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Ашәарҭадара ахеилак анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Лаша Маграӡеи, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Григол Георгаӡеи, адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиеи, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Соломон Павлиашвилии, Аҳәаатә полициа аиҳабы Давид Ҭамазашвилии.
Аилатәара ашьҭахь Гека Гелаӡеи ахеилак алахәылацәеи Ҧуҭ аҟәарахьчаратә инфраструктура рбеит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.