Ашәаҳәаҩ Ҭемур Ҵиклаури иҧсҭазаара далҵит
Ашәаҳәаҩ Ҭемур Ҵиклаури иҧсҭазаара далҵит

Ақырҭуа естрадатә ашәаҳәаҩи актиори, ансамбль «Ивериа»  алахәыла Ҭемур Ҵиклаури 75 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит.   Иҭаацәара алахәылацәа ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

Ҭемур Ҵиклаури Қырҭтәыла жәлартә артистын (1990),  Ахьӡ – аҧша аорден ианашьан  (1997),  Қарҭ аҳаҭыртә тәылауаҩс дыҟан  (2010).

2014 шықәса ажьырныҳәа 23 рзы Қарҭтәи аконцерттә зал ду аҧхьа Ҭеимураз Ҵиклаури иеҵәа аадыртит.

Ҭемур Ҵиклаури Гори иҟоу арратә госпиталь аҿы акоронавирус аҟынтә иҽихәышәтәуан.