Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа рхыҧхьаӡара ацлеит,  5000 еиҳаны ахәшәқәа рзы ахә  хыхьтәи аҳәаа ҳәаақәҵоуп
Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа рхыҧхьаӡара ацлеит,  5000 еиҳаны ахәшәқәа рзы ахә  хыхьтәи аҳәаа ҳәаақәҵоуп

Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа рхыҧхьаӡара ацлеит,  5000 еиҳаны ахәшәқәа рзы ахә  хыхьтәи аҳәаа ҳәаақәҵоуп. Ари атәы иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.

Ареференттә ахәқәа рмеханизм рыдкьыслоит  аимпорттә ахә аасҭа  1000%, 2000%,  и 3000%-ла иаҳа ахә цәгьаны ирҭиуаз ахәшәқәа рзгьы.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, ареференттә ахәқәа рмеханизм аларҵәара амазаауеит ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазареи зыхәшәтәуа амедикаментқәеи, антибиотикқәеи, агәыхь зыхәшәтәуа ахәшәқәеи уҳәа убас егьырҭгьы ахәшәқәа рзы.

«Ахә хыхьтәи аҳәаа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа рсиа иаҳа иҭбаахоит, ари асиа ианылоит афармацевтикатә џьармыкьаҿы зегьы реиҳа ахархәара змоу ахәшәқәа зегьы. Ареформа абзоурала, афармацевтикатә аалыҵ ахәқәа маҷхоит  40%-ла», —  иануп аминистрра аинформациаҿы.