"Ақырҭуа гәахәтәы" - Реџьеп Таип Ердоҕан апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира агареи "Жәлар ралианс" апарламенттә аиҳара аиуреи рыдаҳныҳәалоит
"Ақырҭуа гәахәтәы" - Реџьеп Таип Ердоҕан апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира агареи "Жәлар ралианс" апарламенттә аиҳара аиуреи рыдаҳныҳәалоит

Реџьеп Таип Ердоҕан апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира агареи “Жәлар ралианс” апарламенттә аиҳара аиуреи рыдаҳныҳәалоит, – иануп апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” Феисбук адаҟьаҿ.

„Ҭырқәтәыла аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апрогресс ду амоуп, ари алхрақәа рылҵшәақәа рыла шьақәырӷәӷәоуп.

Қырҭтәыла астратегиатә партниори аҩызеи аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, мышхәбзазареи азеиӷьаҳшьоит.

Реџьеп Таип Ердоҕан инапхгараҭара иашьҭанеиуа аетап аҿы аҩыза-тәылақәа рыбжьара апартниорра иаҳа шыӷәӷәахо агәра ҳгоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак аҳәамҭа инақәыршәаны, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Реџьеп Таип Ердоҕан.