"Ақырҭуа гәахәтәы" аофициалла ВВС иазашшын, аҭамзаара ашьҭаҵара иаҳәоит
«BBC ацәгьаршратә ҭыжьымҭақәа анҭыҵыз амш аҽны, уаанӡа иаҳҳәахьаз агәҭакы инақәыршәаны, апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла” ахьӡала, иацы аофициалла ВВС ҳазашшеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иахьатәи абрифинг аҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара «камит» рхы иадырхәазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, изакәызаалак шьаҭак аҵам.
Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ВВС аҟынтә иаҳәоит аргама аҭамзаара ашьҭаҵареи зыӡбахәы ҳәоу афильми уи иадҳәалоу аматериалқәеи иашьашәалоу аплатформақәа рҟынтә раныхреи.
«Ишыжәдыруа еиҧш, 2025 шықәса ҧхынҷкәын 1 азы, Британиа ду иаарту ахыҵҵырҭақәа рҟынтә аҧара зауа ателееилахәыра BBC иаланарҵәеит ихьанҭаӡоу ахарадҵарақәа злаз афильми уи иадҳәалоу аматериалқәеи. Дара Қырҭтәыла анапхгара ирхарарҵеит Актәи адунеитә еибашьра ахаантәи ахимиатә маҭәашьар — “камит” ахархәара. Ари ахарадҵара ииашам, изақәызаалак шьаҭак аҵам, ацәгьаршратә ҟазшьа амоуп.
Убри аҟынтә, BBC ацәгьаршратә ҭыжьымҭақәа анҭыҵыз амш аҽны, уаанӡа иаҳҳәахьаз агәҭакы инақәыршәаны, апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла” ахьӡала, иацы аофициалла ВВС ҳазашшеит.
Зыӡбахәы ҳәоу афильм аҿы иҵаҵгәыркым ахарадҵарақәа иқәдыргылоит, убри ала, дара ВВС аредакциатә стандартқәеи Акоммуникациақәа рзы британиатәи аусбарҭа апҟанҵеи еиларгоит.
Убри аамҭазы дара Қырҭтәыла анапхгара рпозициеи аофициалтә аилыркаарақәеи иатәарбом.
Ашшыҧхьыӡ аҿы абарҭ аҳәарақәа иқәҳаргылеит:
- афильми уи иадҳәалоу аматериалқәеи иашьашәалоу аплатформақәа рҟынтә раныхра.
- ВВС ала аргама аҭамзаара ашьҭаҵара абарҭ аилагарақәа рзы:
– ақырҭуа азинхьчаратә органқәа камит рхы иадырхәазшәа, фактла иҵагәыркым агәаанагарақәа раларҵәаразы;
– аизара алахәылацәа азинхьчаҩцәа ишрықәымлозгьы азинхьчаратә органқәа амч рхы иадырхәазшәа фактла иҵагәыркым аинформациа ааларҵәаразы;
– “Ақырҭуа гәахәтәи” Урыстәылеи ринтересқәа еиқәшәоушәа фактла иҵагәыркым агәаанагарақәа раларҵәаразы;
– “Ақырҭуа гәахәтәы” аҳаҭыртә хантәаҩы амчыларатә акциақәа реимырпра иазку аӡбара адкылара далахәызшәа фактла иҵагәыркым аинформациа аларҵәаразы.
BBC иара ахаҭа абарҭ аилагарақәа рыриашара аҭахымхар, ҳара Акоммуникациақәа рзы британиатәи аусбарҭа ҳадҵаалоит. Уаагьы ари аилагара дмыриашар, Британиатәи аӡбара ҳадҵаалоит. Қырҭтәыла иаҿагыло абри ацәгьаршратә кампаниа аҧыхразы азинтә механизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара Европатәи аӡбара адҵааларагьы уахь иналаҵаны», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.