„Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитхеилак аҳәамҭа
„Ақырҭуа гәахәтәы“ аполитхеилак аҳәамҭа

„Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, апартиа аполитхеилак ахьӡала, аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уаҟа ишазгәаҭоу ала,  „ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭак зыҧхықәу, иара убас, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аҭак зыҧхықәу аполитикатә гәыҧ аҳасабала, ируалны ирыҧхьаӡоит ауааҧсыра инарҭбаау аинформациа рыҭара лабҿаба иубарҭам, аха, маӡала Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаҧысуа акампаниа иазкны.“

Аҳәамҭа инақәырәшаны, Қырҭтәыла аиҳабыра „ииашамкәа„ рызныҟәара иалагеит Украина аибашьра ианалагаз инаркны, избанзар, аҳәамҭа авторцәа рҳәамҭала, атәыла аиҳабыра аибашьра аҽалагалареи аҩбатәи афронт аартреи иақәшаҳаҭымхеит.

„Аглобалтә аибашьра апартиа анапхгарала европатәи абиурократиа Қырҭтәыла иаҿагыланы иҟарҵо ашьаҿақәа зегьы атәыла анапхгара рыҧсахреи аоппозициаа рыдгылареи ауп изызку. Аҵыхәтәантәи мчыбжьқәак мацара рыҩныҵҟала Европарламент ҳтәылеи ҳажләри ирҿагыланы, арадикалтә оппозициаа ирыдгыланы   абыжьбатәи арезолиуциа аднакылеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа авизадатә режим аанкылара ала иҳақәмақаруеит. Бриуссель хынтә Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәахьеит, уаҟа асанкциақәа рышьақәыргылареи зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра аҧыхреи иалацәажәон. Аҵыхәтәаны, Еврокомиссиа ашәҟәы ҳзаанашьҭын, аҳәарақәа ҳзықәдыргылеит, урҭ иреиуп аартызаареи аҭаацәаратә принципқәеи ирызку азакәанқәа раҧыхра, мамзар, авизадатә режим аанкыларала иҳақәмақаруеит. Араҟа зҵаарак цәырҵуеит  – аартызаареи аҭаацәаратә принципқәа рыхьчареи иазку азакәанқәа авизалиберализациа изладҳәалои? Ҳәарада, арҭ азҵаарақәа изакәызаалак ак ала еидҳәалам, аха, европатәи абиурократиа ашантажи ақәыҕәҕәареи азыҳәан шьаҭак рыҧшаар рҭахуп“ – иануп аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа авторцәа ражәақәа рыла, Қырҭтәыла аибашьра аҽалагалара аганахьала уажәгьы ашәарҭара иҟоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла анапхгара рықәыҕәҕәара нарыгӡоит.

„Арҭ апроцессқәа рҿы Америка ароль ҳалацәажәозар,  – лабҿаба иубарҭоуп уажәтәи администрациа Қырҭтәыла ҽакала ишазныҟәо, ҧасатәи администрациа ииашамкәа иҳазныҟәон, аха, ари апроцесс аанкылоуп. Изныкымкәа иаҳҳәахьеит, иахьагьы ишьақәҳарҕәҕәоит ахада Трамп Диҧ сҭеиҭ иаҿагыло ақәҧараҿы ақәҿиарақәа шизеиҕьаҳшьо. Аха, арааҵәҟьа иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп уажәтәи администрациа, Қырҭтәыла аганахьала ҧасатәи администрациа иҟарҵаз агхақәа рыриашаразы иахьанӡагьы акгьы шыҟарымҵац. Ииашамкәа ишьақәыргылаз асанкциақәа уажәгьы амч рымоуп, ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара шаҳҭаху идҳардырит, аха, ҳашәҟәы аҭакда иаанхеит. Даҽазнык иазгәаҳҭар ҳҭахуп ахада Трамп иажәа нагӡаны, диҧ сҭеиҭ аҵаирхап ҳәа гәыкала ҳашгәыҕуа, мамзар, ахада Трамп ихаҭа ишиҳәаз еиҧш, аглобалтә аибашьра апартиа Америка мацара акәымкәа, Европагьы иқәнахуеит “, – иануп аҳәамҭаҿы.