"Ақырҭуа гәахәтәы" – Ҳара ВВС ҳаҽагыланы жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рҿы азинтә аимак ҳалагарц ҳаӡбеит
«Ҳара ВВС ҳаҽагыланы жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рҿы азинтә аимак ҳалагарц ҳаӡбеит», — иануп апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, «Амц алазырҵәо амедиа иҵаҵгәыркым, иҟьашьу ахарадҵарақәа ралаҵәаразы аҭакҧхықәра агарцаз еиуеиҧшым аиуристтә хархәагақәа рхы иадырхәоит».
«Иахьа шьыжьымҭан BBC иаланарҵәаз астатиаҿы имцырку, абсурдтә информациа рацәа инаваргыланы, Қырҭтәыла анапхгара рганахьала ахарадҵара иҟан, ҳтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа акциақәа раан «ахимиатә маҭәашьар» рхы иадырхәозшәа. Аха, лабҿаба иубарҭоуп «Диҭ стеиҭ» азы апропагандатә хархәагас иҟалаз амедиа ари ахарадҵара шьақәзырҕәҕәо шаҳаҭгакгьы шамам.
Убри адагьы, аверсиақәа зегьы шьақәгылоуп азакәандаратә акциақәеи амчыларатә фактқәеи ирылахәыз аконкреттә хаҿқәа ргәаанагара ашьаҭала. «Ақырҭуа гәахәтәы» акоммуникациатә маҵзура ахаҭарнакцәа ари аус ҭызҵаауаз ажурналист активла аус ицыруан. ВВС ицәырнагаз азҵаарақәа зегьы иҵаҵгәырку аҭак рыҭан.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы зыӡбахәы ҳәоу амедиа, изныкымкәа, имцырку, ииашам аинформациа рацәа аланарҵәеит. Убри аҟынтә, ҳара аҭакқәа рыҟаҵара ҳаналагоз, 2 аҳәара заҵәык ҳаман: ҳпозициа инагӡаны аарҧшреи иаҳҳәо зегьы азы ашаҳаҭгақәа рцәыргареи, иара убас, иҳараку ажурналистикатә стандартқәа ирышьашәаланы, астатиаҿы агәаанагарақәа зегьы ашаҳаҭгақәа рыцҵареи. Убри ацынхәрас, еиҭах амцҳәареи атәыла анапхгара ихьанҭаӡоу ахарадҵарақәа рзықәыргылареи ҳбеит.
Ауааҧсыра ибзианы ирдыруеит мчыбжьқәак раҧхьа ВВС аҿы Америка ахада Дональд Трамп иинтервиу амонаж азуны, иажәақәа рҵакы ҧсахны аефирахь ишоурыжьҭыз. Убри амшала агенералтә директори анагӡаратә директор рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Иахьатәи астатиагьы лабҿаба иаанарҧшуеит ВВС аҿаҵақәа ҟашьқәа рынагӡареи амцҳәареи иаҧырхагахаша аморалтәи азанааҭтәи принципқәа шамам.
Ҧаса авторитет ду змаз амедиа иформалым анапхгара апропагандатә харәхагас иҟалеит, Қырҭәтыла анапхгара ирҿагыланы имцырку, иҵаҵгәыркым ахарадҵарақәа аланарҵәеит, азҵаарақәа зегыь зегьы рзы инарҭбааны аҭак шыҟаҳҵазгьы, иахәҭаз ашаҳаҭгақәа шцәыраагазгьы, дара иҵаҵ гәыркыз аҭакқәа рҟынтә наӡынакгьы аадмырҧшит. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳара ВВС ҳаҿагыланы, жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рҿы азинтә аимак ҳалагарц ҳаӡбеит», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭаҿы.