Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа Аҳаҭыртә орден ранашьаразы  иқәдыргылеит
Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа Аҳаҭыртә орден ранашьаразы  иқәдыргылеит

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы  Шьалуа Папуашвилии  Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа Аҳаҭыртә орден ранашьаразы  иқәдыргылеит.

Иракли Кобахиӡе ари атәы ааицҳаит Ареспублика ашҭаҿы.

„Иахьатәи амш агәырҕьара дуӡӡа ҳзаанагеит. Ари агәырҕьара ҳазынтәгьы ҳаиднакылоит.  Хаҭала сара, азгәыбылҩы иаҳасабала, 30 шықәса абри амш сазыҧшын. Арҭ аҷкәынцәа агәырҕьара дуӡӡа ҳзааргеит.  Иҳадаҳкылаз аӡбара шәсырдырыр сҭахуп, аҷкәынцәа уи расҳәахьеит.  Арҭ аҷкәынцәа фырхацәоуп, афырхацәа рыхә шьатәуп. Убри аҟынтә, Шьалуа Папуашвилии сареи аӡбара ҳадаҳкылеит абарҭ аҷкәынцәа рызынтәгьы, Аҳаҭыртә орден ранашьаразы ишықәҳаргыло азы.  Дара рызынтәгьы, шәара шәызынтәгьы даараӡа бзиа шәызбоит. Иахьатәи амш агәырҕьара ду снаҭеит. Ишәыдысныҳәалоит!“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.