Аҧыза-министр Италиеи Казахстани ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Италиеи Кахазстани ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломатцәа амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.
Италиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩси Римтәи Иеиду жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа (FAO, IFAD, WFP) рҿы ацҳаражәҳәаҩси дҟаҵоуп Ҭамар Лилуашвили.
Иахьанӡа Ҭамар Лилуашвили Венгриа Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан, уаанӡа Болгариатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ аанылкылон. Лара аҳәынҭқарратә сектор аҿы аусура аҧышәа ду лымоуп.
Кахазстантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧ ааникылеит Леван Диасамиӡе.
Леван Диасамиӡе Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә Қырҭтәыла адипломатиатәи аконсулратәи хаҭарнакрақәеи рҿы акыршықәса аус иуан. 2022 шықәса инаркны иахьанӡа Молдоватәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.