Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан аҿы ивизит хыркәшоуп
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан аҿы ивизит хыркәшоуп

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  Туркменистан аҿы иофициалтә визит хыркәшоуп. 

Ашхабадтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аиҳабыра рнапхгаҩы днаскьеигеит Туркменистан аминистрцәа ркабинет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нокергулы Атагулыев.  

Иракли Кобахиӡе амедиахаҭарнакцәа дырҧыланы,  Туркменистан иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧыларақәа дрыхцәажәеит. 

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәылазы аҵак ҷыда амоуп Абжьаратә коридор аҳәаақәа ирҭагӡаны ахатә роль аҿиара, ари ахырхарҭала Туркменистан аҟны аусеицура аҵак ду амоуп.

“Ҳара ҳзы Туркменистан – атәыла хадоуп, ари атәылаҟны апозитивтә усеицура ҳабжьоуп. Ҳара аекономикатә усеицура иазку азҵаарақәа ҳрыхцәажәеит. Қырҭтәылазы аҵак ҷыда амоуп Абжьаратә коридор аҳәаақәа ирҭагӡаны ахатә роль аҿиара, ари ахырхарҭала Туркменистан аҟны аусеицура аҵак ду амоуп. Ҳара аекономикатә аҿиара иазку иконкрету азҵаарақәа ҳрыхцәажәеит. Аминистрцәагьы иконкрету азҵаарақәа ирыхәаԥшит, аҵак ду змоу аиқәшаҳаҭрақәа рнапқәа аҵарҩит”, — иҳәеит аԥыза-министр.