Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит 
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан, Аваза ақалақьаҿ имҩаҧысуа ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, нанҳәа 5 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы аконференциаҿы дықәгылоит. Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла астратегиатә ҭыҧи, Мрагылареи Мраҭашәареи еимыздо, амшынахь аҭыҵырҭа змам 8 ҳәынҭқаррак рыбжьара аимадара еиқәзыршәо атәыла аҳасабала Қырҭтәыла инанагӡо ароли далацәажәоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, аконференциа мҩаҧызго атәыла, Туркменистан ахада Сердар Бердамуҳамедови ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши дырҧылоит.

Асаммит аҽалархәразы Туркменистанҟа идәықәлаз Иракли Кобахиӡе аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.