Аҧыза-министр Имереҭи арегионаҿ асду иахылҵыз апроблемақәа рҭыҧқәҵара амзызла имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи уажәазы иҟоу аҭахрақәеи еиликааит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии Имереҭи арегионаҿ асду иахылҵыз апроблемақәа рҭыҧқәҵара амзызла имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи уажәазы иҟоу аҭахрақәеи еилыркааит.
Акоординациатә штаб алахәылацәа данырҧылоз, аҧыза-министр амҩақәа ррыцқьаратә усурақәеи уажәазы иҟоу аҭахрақәеи ирызку инарҭбаау аинформациа иоуит.
Арегионаҿ амҩақәа ррыцқьаратә усурақәа активла имҩаҧысуеит, аха, азона ҳаракы аҿы уажәгьы иахьзымнеиуа қыҭақәак иҟоуп. Убри аҟынтә, аштаб аилатәараҿы, ари арегион ашҟа иацҵаны атехника анагаразы аӡбара рыдыркылеит.
Ишазгәаҭаз ала, амҩақәа аныдрыцқьалак, асду амшала уажәазы акоммунналтә аиқәыршәара змам ауааҧсыра зыҧшра ҟамҵакәа, афымцеи агази рыла реиқәыршәара иалагоит.
Зегьы реиҳа ирацәаны абонентцәа афымцада иаанхеит Самтредиеи Вании амуниципалитетқәа рҿы. Ишазгәаҭаз ала, иаха шаанӡа имҩаҧгаз аусурақәа рыбзоурала, 6 нызқь абонентцәа афымцала аиқәыршәара рзеиҭашьақәыргылоуп, амш анҵәамҭанӡа арегионаҿ убри аҟараҵәҟьа абонентцәа афымца роуеит. Вани амуниципалитетаҿ афымцала аиқәыршәара аиҭашьақәыргыларазы активла аусура нарыгӡоит, уаҟа 6 нызқь абонентцәа афымца рымам.
Арегионаҿ асду иахылҵыз апроблемақәа излауа ала ирласны рҭыҧқәҵара амзызла, ацентртәи, иара убас, аҭыҧантәи аҩаӡараҟны иашьашәалоу амаҵзурақәа зегьы амобилизациа рызуп. Ари апроцесс активла иалахәып атәылахьчаратә мчқәеи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра амаҵзуреи, амедицинатә цхыраара лас абригадақәеи.
„Имереҭи арегионаҿ аштаб еиҿкаауп, 5 муниципалитетк рҿы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уахьзымнеиуа қыҭақәак иҟоуп, арҭ ақыҭақәа рҟны зынӡаскгьы аимадара иҟам. Аимадара аганахьала апроблемақәа ахьыҟоу ақыҭақәа рацәоуп, аха, аҭыҧантәи анапхгареи аиқәырхаҩцәеи ирылшо зегьы ҟарҵоит. Афымцала аиқәыршәара аганахьалагьы апроблемақәа иҟоуп, аха, аусурақәа ирласны имҩаҧысуеит, абонентцәа рацәа афымца роухьеит. Аҭыҧқәа рацәа рҿы уажәгьы аҭагылазаашьа уадаҩуп, аха, интенсивла аусура ҳаҿуп, ес-сааҭ аҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла еиҕьхоит. 2-3 мшы рыла ари апроблема, бхеиҳарала, аҭыҧқәҵра ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит аҧыза-министр.