Аҧыза-министр Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц диҧылеит 
Аҧыза-министр Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыц Гьаргь Џьинҷараӡе диҧылеит.

Ахантәаҩы ҿыц аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит хара имгакәа зынагӡара игәы иҭоу апланқәеи априоритетқәеи ирызкны. Иракли Кобахиӡе Гьаргь Џьинҷараӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит, иара убас, аиҳабыра рҟынтә адгылара дақәиргәыҕит.