Аҧыза-министр Анталиатәи Адипломатиатә форум аартратә сессиа ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Анталиатәи Адипломатиатә форум аартратә сессиа ихы алаирхәит.
Иҧшьынтәны Анталиа имҩаҧысуа аусмҩаҧгатә ааиртит Ҭырқәтәыла ахада. Реџьеп Таип Ердоҕан аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи рҵаки ари ахырхарҭала адипломатиа инанагӡо ароли далацәажәеит. Иара убас, аартратә сессиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидан.
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Анталиатәи Адипломатиатә форум далахәып Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иааҧхьарала.
Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа Иракли Кобахиӡе атематикатә дискуссиа – “Апартниорра амультиполиартә епохаҿы“ ихы алаирхәит. Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧысуеит.
Иракли Кобахиӡе Анталиаҿы аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.