Аневролог Оҭар Ҭоиӡе  - Михаил Саакашвили, зыдкылара ихәҭамыз аписихотроптә препарат идикылон
Аневролог Оҭар Ҭоиӡе  - Михаил Саакашвили, зыдкылара ихәҭамыз аписихотроптә препарат идикылон

Ацентр  «Емпатия»  аневролог Оҭар Ҭоиӡе Гортәи арратә госпиталь аҿы Михаил Саакашвили дибеит.

Ахәышәтәырҭа дыҩналаанӡа Ҭоиӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, Саакашвили идикылоз апсихотроптә препарат адкылара ихәҭамызт. Аневролог иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ахәшә амшала Саакашвили иҭагылазаашьа цәгьахеит.

«Хымш раҧхьа Саакашвили дызбеит, иахьагьы сааит, избанзар адинамика збар сҭахуп. Иара иневрологиатә статус аҿы аиҭакрақәа иҟан. Уажәы дшыҟоу збар сҭахуп. Русҭавтәи абахҭа аҳақьымцәа рыӡбарала Саакашвили идикылоз апсихотроптә препарат адкылара ихәҭамызт. Ӡызбахәы ҳәоу ахәшә амшала иҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Ҭоиӡе.