Амиран Гамҟрелиӡе – Акоронавирус активтә фактқәа даараӡа ирацәоуп
Амиран Гамҟрелиӡе – Акоронавирус активтә фактқәа даараӡа ирацәоуп

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, атәылаҿы акоронавирус активтә фактқәа шырацәоугьы, ахәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа иҟоуп, авирус ҿызкааз апациентцәа рҟны, бжеиҳарала, аҭаацәаратә ҳақьымцәа аус руеит.

«Иахьатәи аҭагылазаашьа ала,  146 000 активтә фактқәа ҳамоуп, аха, ахәышәтәырҭақәа рҿы макьана  3500 ҭыҧқәа иҟоуп. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа мариам, аха уи ахылаҧшра ҟалоит.  Омикрон аҿкаареи ачымазара ахьанҭахареи аҽацәыхьчаразы иреиҕьу хархәагоуп ахҧатәи абустертә доза. Иахьазы абустертә доза ҟарҵахьеит 156 000ҩык, уи маҷуп. Абустертә доза ҟазҵо ауааҧсыра шаҟа ирацәахо аҟара, агоспитализациеи аҧсҭбареи маҷхоит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.