Амилаҭтә банк адыррала, астатистика инақәыршәаны,  ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵан Урыстәылеи, Италиеи, Америкеи рҟынтәи
Амилаҭтә банк адыррала, астатистика инақәыршәаны,  ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵан Урыстәылеи, Италиеи, Америкеи рҟынтәи

Амилаҭтә банк адыррала,   2022 шықәса ҧхынҷкәын азы атәылашҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара  535,3 миллион адоллар иаҟаран,  ари арбага  2021 шықәса ҧхынҷкәынтәи арбага аасҭа  133,2 наӡынала  – 305,8 миллион адоллар ала еиҳауп.

Абанк хада адыррала, аҳәаанырцәынтә аҧаратә аиагарақәа  рҟынтә 98,2 наӡына иҟаҵоуп 24 апартниортә ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи.

Астатистика инақәыршәаны,  зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵоуп Урыстәылантә –  317,31 миллион адоллар. Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп Италиа –  43,20 миллион адоллар. Ахҧатәи аҭыҧаҿ игылоуп Америка –  34,30 миллион адоллар, уи иашьҭагылоуп Бырзентәылеи Израили.

Иара убас, Амилаҭтә банк адыррала,  2022 шықәса ҧхынҷкәын азы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа идәықәҵан 33,8 миллион адоллар, ари арбагахьы  2021 шықәса ҧхынҷкәынтәи арбага аасҭа  1,5 наӡынала еиҳауп.