Амилаҭтә банк - Жәабран азы  Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә имҩаҧган 
Амилаҭтә банк - Жәабран азы  Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә имҩаҧган 

Жәабран азы  Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  17.1%-ла, 295.3 миллион адолларла. Қырҭтәылантә аҳәаанырҵәҟа идәықәҵан  14.8%-ла, 33.0 миллион адолларла иаҳа ирацәаны аҧара – ари атәы иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иаланарҵәаз аҳасабырбаҿы.

„Жәабран азы Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара  – 45.4%,  ҟаҵан Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә,  18.4%  –  Американтә,  11.9% – Урыстәылантә. Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә иалкаауп Италиеи  (18.8%), Германтәылеи  (8.5%), Бырзентәылеи (7.9%)“, – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҳасабырбаҿы.