Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иааннажьит
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иааннажьит

2025 шықәса  цәыббра 10   рзы имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политиказы акомитет алахәылацәа амонетатә политика   азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иаанрыжьит.

Ари атәы аарыцҳаит Амилаҭтә банк  апрессмаҵзура  аҟынтә.

«2025 шықәса нанҳәатәи   адыррақәа рыла,  ахәқәа шьҭыҵит 4,6 наӡынала.   Абазатә инфлиациа  ҳалацәажәозар,  нанҳәатәи адыррақәа рыла  аинфлиациа 3 наӡынатәи арбага аасҭа имаҷуп, 2,8 наӡына иаҟароуп.

Амилаҭтә банк абазатә сценари инақәыршәаны,  2025 шықәсазы аинфлиациа 3 назынак иреиҳазаауеит, 2025  шықәсазы 3,8% иаҟарахоит.

Аекономикатә активра ҧасеиҧш идууп.  Заанаҵтәи адыррақәа рыла, сынтәа ҧхынгәы азы 6,5% аекономикатә азҳара иҟан.

Аекономика уажәтәи аҭагылазаашьа анализи азҧхьагәаҭаратә сценариқәеи рышьаҭала,  акомитет алахәылацәа,  азыҧҵәа имҧсахуа,   8% аҩаӡараҟны иаанрыжьырц рыӡбеит.  Наҟ-наҟ азыҧҵәа рыҧсахуеит амакроекономикатә азҧхьагәаҭарақәеи ашәарҭарақәа ранализи инрықәыршәаны.

Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2025 шықәса абҵара 5 рзы», – иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.