Амилаҭтә банк  - Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә иҟаҵоуп
Амилаҭтә банк  - Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә иҟаҵоуп

Шықәсыктәи адыррақәа инрықәыршәаны,   цәыббразы Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  12,1%-ла, атәылаҟа ииаган  317,8 миллион адоллар.  Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган  12,7%-ла иаҳа ирацәаны аҧара —  38,2 млн адоллар,  – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ицәырнагаз аҳасабырбаҿы.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа реиҳара Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә иҟаҵоуп.

«Цәыббразы аҧаратә аиагарақәа реиҳара иҟаҵан Евроеидгыла атәылақәеи Америкеи рҟынтә. Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә иалкаауп Италиа  — 45,4%, Америка  — 18,8%, Урыстәыла  — 12,4%», — иануп Амилаҭтә банк аинформациаҿы.