Амилаҭтә банк ааҧхьарала Қырҭтәыла иаҭаауеит америкатә инвесторцәа рделегациа 
Амилаҭтә банк ааҧхьарала Қырҭтәыла иаҭаауеит америкатә инвесторцәа рделегациа 

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ааҧхьарала Қырҭтәыла иаҭаауеит  америкатә инвесторцәа рделегациа.  Аделегациа иалоуп JPMorgan-и, Morgan Stanley Investment Management-и, Kirkoswald-и, Aberdeen-и, MetLife-и уҳәа убас егьырҭгьы адунеи еицырдыруа аинвестициатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, америкатә инвесторцәа аҳәынҭқарратәии хазхаҭалатәии асекторқәа рхаҭарнакцәа ирҧылоит. Убри адагьы, дара  Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнавеи афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии ирҧылоит.

„Америкатә инвесторцәа рвизит хықәкыс иамоуп жәларбжьаратәи аинституциатә инвесторцәа рҟны аусеицура арҭбаареи аинвестициатә  алшарақәа  ирызкны аинформациа аиҭныҧсахлареи.  Аинвесторцәа атәыла амакроекономикатә лагылазаареи афинанстә сектор аҿы аҭагылазаашьеи еилыркаар рылшоит“, – илҳәеит Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнава.