Амилаҭтә банк  - Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ала, ахашәала ада, арезервтә фонд аҟынтә аиҳабыра рзы афинанстә трансфер мҩаҧгамызт
Амилаҭтә банк  - Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ала, ахашәала ада, арезервтә фонд аҟынтә аиҳабыра рзы афинанстә трансфер мҩаҧгамызт

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахашәала аизшара мҩаҧнагорит жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы. Лымкаала, афинанстә ашықәс цыҧхьаӡа ахыркәшара инаркны фымчыбжь ирхымгакәа, Амилаҭтә банк,  ахашәала цқьа Қырҭтәыла Афинансқәа рминистррахь иианагоит. Иара убас, ахашәала хәҭак Амилаҭтә банк арезервтә фондаҿ иаанхоит, – Амилаҭтә Банк ари атәы аанацҳаит  Бизнес Инсаидер Џьорџьиа адискреционтә финанстә трансферқәа ирызкны иқәнаргылаз азҵаара иаҭакны.

Дара ринформациа инақәыршәаны,  ахашәала аиагара инаваргыланы,   „Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иазку“ Қырҭтәыла аоргантә закәан уажәтәи аредакциа инақәыршәаны,  Амилаҭтә банк иацҵаны арезервтә фондқәа рҟнытә аиҳабыра рзы афинанстә трансферқәа рымҩаҧгара алшоит.

„Уи еиҧш алшара шыҟоугьы,  Амилаҭтә банк,  ахаангьы абри аҩыза афинанстә трансфер мҩаҧнамгацт. Амилаҭтә банк,  ахашәала цқьа Қырҭтәыла Афинансқәа рминистррахь иианагоит. Арааҵәҟьа иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аусура еснагь ҷыдала ишаартыз.  Адәныҟатәи аудит ала игәаҭоу, ишьақәырҕәҕәоу афинанстә аҳасабырба иарбоуп Амилаҭатә банк шықәсыктәи аусура иазку аҳасабырбаҿы, уи аргама ицәыргоуп авебдаҟьаҿы“, – ирҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҿы.