Амилаҭтә банк – Урыстәылантә аҧаратә аигарақәа амаҷхара иаҿуп, Евроеидгылеи Америкеи рҟынтә – иацлоит
Амилаҭтә банк – Урыстәылантә аҧаратә аигарақәа амаҷхара иаҿуп, Евроеидгылеи Америкеи рҟынтә – иацлоит

Ҧхынгәы азы Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  13,0%-ла, атәылашҟа ииаган  337,0 млн адоллар.  Қырҭтәылантә аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  11,4%-ла, – иануп Амилаҭтә банк ицәырнагаз аҳасабырбаҿы.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииаган Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә, ари арбага азҳаит  16,4%-ла.

Американтә аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  21,1%-ла. Урыстәылантә аиагарақәа маҷхеит –  минус 0,1%.