Амилаҭтә банк – Ажьырныҳәа-рашәарамзазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәарақәа рҟынтә аиуит 1,971.0 миллион адоллар ахашәала
2025шықәса аҩбатәи акварталаз Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәарақәа рҟынтә аиуит 1,145.0 миллион адоллар ахашәала, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 5.0%-ла идууп. Зынӡа, сынтәа 2 кварталк рзы, Қырҭтәыла аиуит 1,971.0 миллион адоллар ахашәала, шықәсыктәи азҳара 3.8% иаҟароуп.
Иара убас, Амилаҭтә банк хада адыррақәа рыла, сынтәа аҩбатәи акварталаз атәыла иаиуз ахашәала аҟынтә Евроеидгыла атәылақәа рыхәҭа 15.2%-ауп, ари арбагагьы ҵыҧхтәи арбага аасҭа 26.0%-ла идууп.
Астатистика инақәыршәаны, азҳара аласра аганахьала иалкаауп Азербаиџьани, Саудтәи Аравиеи, Израили рҟынтә ахашәала, уи 42.3%, 20.9%, 16.4% иаҟароуп. Урыстәылантә ахашәала маҷхеит – 2025 шықәса аҩбатәи акварталаз Урыстәылантә Қырҭтәылаҟа аныҟәарақәа рҟынтә атәыла иаиуит 20.5%-ла имаҷны ахашәала.