Америкатә Конгресс аҩ-палатак Украинеи европатәи адгылаҩцәеи  13,6 миллиард адоллар ацхыраара рзоушьҭра иақәшаҳаҭхеит
Америкатә Конгресс аҩ-палатак Украинеи европатәи адгылаҩцәеи  13,6 миллиард адоллар ацхыраара рзоушьҭра иақәшаҳаҭхеит

Америкатә Конгресс  Украинеи европатәи адгылаҩцәеи  ахҵәацәа ирыдҳәалоу, Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь зегьы реиҳа зымҽхак дуу акризис алҵразы  13,6 миллиард адоллар ацхыраара рзоушьҭра иақәшаҳаҭхеит.

Амедиа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аҧара аҟынтәи 4 миллиард адоллар  2 миллионҩык ахҵәацәа ахьыҟоу Мрагыларатә Европа атәылақәа рыцхраара иазкуп.

Убри адагьы,  $6,7 миллиард арегион аҿы америкатә арбџьармчқәа рыргылареи  америкатә арратә еибыҭара Украинаҟа атрансфери иазыркуеит.