Америка ацҳаражәҳәарҭа Америка аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу асанкциақәа ркоординациа аҟәша анапхгаҩы Џьеимс  О'Браиен Қарҭ ивизит иазку аинформациа аланарҵәеит
Америка ацҳаражәҳәарҭа Америка аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу асанкциақәа ркоординациа аҟәша анапхгаҩы Џьеимс  О'Браиен Қарҭ ивизит иазку аинформациа аланарҵәеит

Америка ацҳаражәҳәарҭа Америка аҳәынҭқарратә департаментаҿ иҟоу асанкциақәа ркоординациа аҟәша анапхгаҩы Џьеимс  О’Браиен Қарҭ ивизит иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациа ишану ала, рашәра  27 рзы,  Џьеимс  О’Браиен Қарҭ даҭаауеит  азеиҧш интересқәа ирыҵанакәа азҵаарақәа рзы, лымкаала, асанкциақәеи урҭ рынагӡареи азҵааразы Қырҭтәыла анапхгара драцәажәарц азыҳәан.

«Авизит хықәкыс иамоуп ишиашо аимадареи адиалоги ашьақәыргылара. Зыӡбахәы ҳәоу азеиҧш визит рхы аладырхәоит асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Девид О’Салливани Британиа Ду адәныҟатәи аусқәеи, аиҩызареи, аҿиареи рзы аофис адиректор  Кумар Аиери.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Џьеимс  О’Браиен,  аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии,  адәныҟатәи ауқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии,  авице-аҧыза,  аекономика аминистр Давиҭашвилии,  афинансқәа рминистр Хуцишвилии,  Амилаҭтә банк авице-ахада Тарнавеи,  Апрокурор хада Шоҭаӡеи дырҧылоит.

Ҳара асанкциақәа рывсра аҧыхразы аусеицура ҕәҕәеи аҽазышәарақәа рырҕәҕәареи ҳақәгәыҕуеит,  избанзар,  Урыстәыла,  Украина иаҿагыланы,  агәымбылџьбаратә еибашьра нанагӡоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.