Алхырҭақәа  80% иҧхьаӡоуп   - заанаҵтәи адыррақәа рыла,   Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Ердоҕан
Алхырҭақәа  80% иҧхьаӡоуп   - заанаҵтәи адыррақәа рыла,   Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Ердоҕан

«Haberturk» адыррала, заанаҵтәи адыррақәа рыла,   Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп атәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕан, иара  50,30 наӡына абжьқәа иоуит.  43,91  наӡынала аҩбатәи аҭыҧаҿ дгылоуп иеиду аоппозициа акандидат  Кемаль Кылычдар-оҕлу, ахҧатәи акандидат ахҧатәи аҭыҧ ааникылоит,   иара  5,31 наӡына абжьқәа иоуит.

Уажәазы иҧхьаӡоуп  80 иреиҳаны алхырҭақәа рылҵшәақәа.

Апарламенттә алхрақәа рҿы заанаҵтәи адыррақәа рыла аҧхьагылара амоуп Ердоҕан ипартиа  «Жәлар ралианс». Аҩбатәи аҭыҧаҿ игылоуп аоппозициатә  «Амилаҭтә алианс».  Апарламенттә алхрақәа рҿы иҧхьаӡоуп  72,55 наӡына алхырҭақәа рылҵшәақәа.