Акустикатә бџьари, аелектрошоктәии агазтәи аерозольтә хархәагақәеи реикәшара еиҿызкаауа азакәанҧҵарахь аҧсахрақәа ирмазеиуп
Ауаажәларратә аиҿкаареи азинеиҿкаареи иаҳа рыхьчара аиқәыршәара амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аелектрошоктәии агазтәи аерозольтә хархәагақәеи реикәшара иазку азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа аус рыдуланы, апарламент иадаргалеит.
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны:
Атеатртә ақәыргыламҭақәеи, акинои ателеҭыхрақәеи, аспорттә усмҩаҧгатәқәеи, апарадқәеи раан ахархәара змоу аккустикатә абжьытә бџьар Қырҭтәылаҟа аагара ҟалоит.
«Атәылауаҩ абжьытә аккустикатә бџьар ааихәар илшоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҵакырадгьылтә орган аҩыратә ақәшаҳаҭра мацарала. Аха, зыӡбахәы ҳәоу абџьар амҩангара ҟалоит аполициа ақәшаҳаҭра мацарала.
Агазатә аерозольтә хархәагақәагьы Қырҭтәылаҟа римпорт азы азин ҷыда аҭаххоит. Агазтә аерозольтә хархәагақәа аархәар рылшоит 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭра ашьаҭала. Иара убас, атәылауаҩратә хархәаразы аелектрошокқәа рзы ақәиҭымтәра шьақәыргылазаауеит. Административтә органқәеи хазхаҭалатәи ахьчаратә аиҿкаарақәеи мацара роуп рзинмчқәа рынагӡаразы аелектрошокқәа атәылашҟа раагареи рхархәареи азин зауа», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.