Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, Саломе Зурабишвили дырԥыларц дыхиоуп
Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, Саломе Зурабишвили дырԥыларц дыхиоуп

Қырттәыла ахада Саломе Зурабишвили акциа алахәылацәа дырԥылоит, – ари атәы аарыцҳаит  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лрезиденциа аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылацәа.

Урҭ арезиденциа ацентртә аҩналарҭашҟа ииасхьеит.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лрезиденциа аԥхьа акциа мҩаԥган, акциа алахәылацәа идҵаны иқәдыргылоит Михеил Саакашвили ашьауӷа ихыхра анапы аҵалымҩырц. Акциа алахәылацәа ишаарыцҳаз, урҭ Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иҟаиҵахьаз ацәгьоурақәа илшәаладыршәар рҭахуп. Акциа амҩаԥгаразы ааԥхьара иаца ҟарҵеит Бута Робақиӡе иан – Иа Метревелии, Сулхан Молашвили иашьа – Ҭорнике Молашвилии, Гиорги Гамцемлиӡе иаб – Џьамбул Гамцемлиӡеи.