АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи  24 сааҭ рыҩныҵҟала урыстәылатәи арбџьармчқәа  иҩынтәны Харьков абомбақәа аларыжьит, иара убас, Беларусь аҵакырадгьыл аҿгьы абомба шкаҳаз атәы аарыцҳаит
АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи  24 сааҭ рыҩныҵҟала урыстәылатәи арбџьармчқәа  иҩынтәны Харьков абомбақәа аларыжьит, иара убас, Беларусь аҵакырадгьыл аҿгьы абомба шкаҳаз атәы аарыцҳаит

Аҵыхәтәантәи  24 сааҭ рыҩныҵҟала урыстәылатәи арбџьармчқәа  иҩынтәны Харьков абомбақәа аларыжьит. Ашәарҭара адырраҟаҵара ашьҭахь ақалақьаҿ аҧжәарақәа ҟалеит.

Харьков ахада  Игорь Терехов иҳәамҭала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ааглыхратә раион аинфраструктура иажәылеит.

Убри аамҭазы,  Беларусь аҵакырадгьыл аҿгьы азенит-ракетатә комплекс  «C-300» аракета шкаҳаз азы адырра ҟаҵан.

Белорустәи АИХ ишаарыцҳаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу аракета дәықәҵан Украина аҵакырадгьыл аҟынтәи. Иахьатәи аҳаиртә жәылара амшала Киев  40 наӡына афымцада иаанхеит.