Аиҳабыра радминистрациа адыррала, Прага, Иракли Ҕарибашвили ихантәаҩрала имҩаҧгаз адискуссиаҿы, агеополитикатә ҭагылазаашьеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи иалацәажәеит

Европатәи аполитикатә аидгыла раҧхьатәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Прагатәи аханаҿ аишәа гежь аформатаҿ атематикатә дискуссиақәа мҩаҧысуеит.  

Ауснагӡатә аиҿкааҩцәа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Естониа аҧыза-министр Каиа Каласи атематикатә дискуссиа  – Аҭынчреи аҭышәынтәалареи Европа аконтинент аҿы  – аицхантәаҩра рыдаргалеит. Аҧыза-министри естониатәи иколлегеи Европатәи аполитикатә аидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа рҽалархәрала имҩаҧгаз адискуссиа ахантәаҩра азыруит.

Адискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи, аглобалтә шәарҭадара иаҧырхагоу ашәарҭарақәеи   ирылацәажәеит. 

Иара убас, алидерцәа, европатәи аҭаацәара аргылареи европатәи аҭаацәараҟны ассоциациа зызуа  атәылақәа ринтеграциеи  апроцесс шымҩаҧгатәугьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, аплатформа ҿыц – Европатәи аполитикатә аидгыла абзоурала, абарҭ атәылақәа рзы ҳаҧхьаҟа Евроеидгылашҟа аинтеграциаҿы ирыцхрааша алшара ҿыцқәа раҧҵара иазку адискуссиақәа рымҩаҧгара рылшоит. 

Адискуссиа рхы аладырхәит Франциа ахада Еммануел Макрони, Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕани,  Азербаиџьантәи ареспублика ахада Ильҳам Алиеви, Лиетува ахада Гитанас Науседеи, Румынтәыла ахада Клаус Иоҳаниси, Хорватиа аҧыза-министр Андреи Пленковичи, Монтенегро ахада Мило Дукановичи, Лиуқсембург аҧыза-министр Қсавиер Беттели.

https://www.facebook.com/GeorgianGovernment/posts/471609218333430