Агәабзиарахьчара аминистрра - Анаркоманцәа мчыла рыхәшәтәразы актәи амедицинатә ҟәша аартуп
Анаркоманцәа хымҧада рхәышәтәра апроцесс еффективла амҩаҧгара амзызла, «Аҧсихологиатә гәабзиареи анаркоманиа апрофилактикеи ацентр» абазаҿы, мчыла ахәышәтәразы раҧхьатәи амедицинатә ҟәша аартуп.
Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аҟәша ҿыц рбеит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Буҭхузии.
«Астационар ҿыц 22ҩык апациентцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп. Хара имгакәа аиарҭатә фонд арҭбаара ҳгәы иҭоуп. Ахәышәтәра апроцесс рхы аладырхәоит анаркологцәеи, аҧсихологцәеи, асоциалтә усзуҩцәеи. Ахәышәтәра апроцесс мҩаҧгахоит ҳаамҭазтәи аклиникатә абжьагарақәеи жәларбжьаратәи астандартқәеи инрықәыршәаны», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.