Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Андреи Касианов  аҳәара изықәдыргеит  афакттә аилыркаарақәа ҟаҵаны, аҧшыхәратә маҵзура аинформациа зыршаҳаҭуа аматериалқәа цәыригарц  

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Украина аусқәа аамҭала знапы иану Андреи Касианов иҟны аиҧылара мҩаҧган.  Адипломат аминистррашҟа иҧхьеит Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәратә усбарҭа хада иаланарҵәаз аинформациа иадҳәаланы. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭеимураз Џьанџьалиа, абри аҩыза аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы  ақырҭуа аган ргәынамӡара аарҧшны, ишиҳәаз ала,  цқьа игәаҭам афактқәа рышьаҭала абри аҩыза аҳәамҭақәа рыҟаҵара атәылақәа рпартниорра иаҧырхагоуп.

Иара убас, аминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, Андреи Касианов аҳәара изықәдыргылеит  афакттә аилыркаарақәа ҟаҵаны, аҧшыхәратә маҵзура аинформациа зыршаҳаҭуа аматериалқәа цәыригарц.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараан украинатәи адипломат ишиҳәаз ала,  уажәазы иара аконкреттә аҭак имам, иара ишазгәеиҭаз ала, ари адырра аҳҭнықалақь ашҟа идәықәиҵоит.  Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Украинеи аукраин жәлари ишрыдгыло. Андреи Касианов ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Украина  адгылара иазку арезолиуциақәеи аҳәамҭақәеи, агуманитартә цхыраареи азыҳәан», — иануп аҳәамҭаҿы.