Адемонстрантцәа ррепрессиақәеи ркыдцалареи рзы Евроеидгыла Џьамтәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аднакылеит
Адемонстрантцәа ррепрессиақәеи ркыдцалареи рзы Евроеидгыла Џьамтәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аднакылеит

Адемонстрантцәа ррепрессиақәеи ркыдцалареи рзы Евроеидгыла Џьамтәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аднакылеит. Асанкциақәа 29-ҩык рзышьақәдыргылеит.

„Џьамтәылатәи ауааԥсыра ҳрыдгылоит, урҭ иҭынчу рпротест, агәаанагарақәа иаахтны аҳәара рҭахра ҳадгылоит“, – иҳәеит Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Боррель.

Цәыббра 16 рзы, Џьамтәыла, 22 шықәса зхыҵуаз Маҳса Амин лышьра амзызла аҳәса адемонстрациақәа иалагеит. Атәыла ақалақьқәа рҿы аҿагыларатә акциақәа мҩаԥган. Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь ирылагӡаны Џьамтәыла имҩаԥысуаз акциақәа рҿы иҭахеит 341-ҩык, иаанкылоуп 15 800-ҩык.