Аԥыза-министр Адукатцәа реиҿкаара ахантәаҩы диԥылеит
Аԥыза-министр Адукатцәа реиҿкаара ахантәаҩы диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Адукатцәа рассоциациа ахантәаҩы Давиҭ Асаҭиани диҧылеит.

Адукатцәа рассоциациа ахантәаҩы аиҳабыра рнапхгаҩы диацәажәеит Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет ала ишьақәырҕәҕәоу „Адукатцәа рзанааҭ ахьчара иазку” аконвенциеи Қырҭтәылаҿ уи аратификациеи аҵакы иазкны. Иара ишиҳәаз ала, Европа Ахеилак аминистрцәа ркомитет аконвенциа – Европа амасштабла адукатцәа рзинқәа рырҕәҕәареи урҭ русура ахақәиҭра агарантиақәеи еиқәзыршәо раҧхьатәи аҭоурыхтә документуп.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла адукатцәа рзинқәа рыхьчара иреиҳаӡоу астандартқәа ихьчоуп азакәанҧҵарала, Иракли Кобахиӡе инапхгара ззиуа Аҳәынҭқарратә аконституциатә комиссиа аусура абзоурала, адукатцәа рхьыҧшымреи, рзанааҭтә хақәиҭреи, рыламкьысреи агарантиақәа Аконституциа аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит. Адукатцәа рассоциациа ахантәаҩы аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аконституциатә комиссиа аусура апроцессаҿ адукатцәа ргәаанагарақәеи ражәалагалақәеи рызҧхьагәаҭаразы.

Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.