2026 шықәса инаркны Қарҭ ахадара иҧхасҭоу аҭоурыхтә хыбрақәа рыҧсахра апрограмма анагӡара иалагоит
2026 шықәса инаркны Қарҭ ахадара иҧхасҭоу аҭоурыхтә хыбрақәа рыҧсахра апрограмма анагӡара иалагоит

2026 шықәса инаркны Қарҭ аҭоурыхтә раионаҿ иҧхасҭоу ахыбрақәа рыҧсахра апрограмма анагӡара иалагоит.

Ақалақь аиҳабыра реилатәараҿы Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала,  апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауааҧсыра зегьы иақәшаҳаҭхар, амуниципалитет, аҭоурыхтә ахәҭаҿы иҟоу иеиҭамҵуа амал зегьы аанахәоит.

«Ҧшьышықәса раҧхьа ауаа ираҳҭаз ажәа нагӡаны, иҧхасҭоу ахыбрақәа рыҧсахра апрограмма ду анагӡара ҳалагоит. Ари апроект лабҿаба иаанарҧшуеит аҳәынҭқарреи ауааҧсыреи еиқәшаҳаҭны, агәреибагарала, алҵшәа бзиақәа роур шрылшо. Ҳара зҵакы дуу даҽа проектк анагӡара ҳалагоит  — Қарҭ аҭоурыхтә ахәҭаҿы иҧхасҭоу ахыбрақәа ҳаҧсахуеит. Ари азҵаара ашәарҭадара мацара иадҳәалам, уи ҳқалақь аҷыдареи, аҭоурыхи, акультуратә ҭынхареи рыхьчаразгьы аҵакы ду амоуп.  Убри аҟынтә, ари апроблема аӡбаразы амҩа иаша ҧшаатәуп. Аус здааулаз апрограмма аусура иалагоит  2026 шықәса инаркны.  Ауааҧсыра зегьы иақәшаҳаҭхар, амуниципалитет, аҭоурыхтә ахәҭаҿы иҟоу, аҧхасҭа змоу  иеиҭамҵуа амал зегьы аанахәоит.

Иҭацәхо адгьылҭыҧқәа аинвестициатә хықәкқәа рзы иҳармазеиуеит. Убри ала  ақалақь аҭоурыхтә аҧшра еиқәҳархоит.   Аамҭакала,  аҿиаразы алшара аҧаҳҵоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.