2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа  рхыҧхьаӡара 2023  шықәсазы имаҷхеит 12%-ла
2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа  рхыҧхьаӡара 2023  шықәсазы имаҷхеит 12%-ла

2023 шықәсазы Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иаҳәеит  1,14ҩык ауааҧсыра. Ари аинформациа аланарҵәеит  Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иаҳәо ауаа рызҵаарақәа рзы агентра.

Астатистикатә дыррақәа инрықәырәшаны, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 18%-ла. Уи  аҵыхәтантәи бжьышықәса рзы зегьы иреиҳау арбагоуп.

Ицәыргаз адыррақәа инрықәыршәаны, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иаҳәо ауааҧсыра рҟынтә зегьы реиҳа ирацәоуп Сириеи Афганистани ртәылауаа. Ахҧатәи аҭыҧаҿ игылоуп Ҭырқәтәыла атәылауаа.  Урҭ реиҳара Бырзентәыла ахыҵакырҭа иаҳәон.

Қырҭтәыла иазку адыррақәа инрықәыршәаны,  2023 шықәсазы Евроеидгылаҿ ахыҵакырҭа иаҳәеит  25 209ҩык.  2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа 2023  шықәсазы рхыҧхьаӡара маҷхеит 12%-ла.